Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 21, 2021 шықәса рзы аҭыԥ змаз исанкциадоу амитинг иалахәыз Анри Инаԥшьба идукатцәа иаларҵаз акассациатә шшабӷьыц Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ала ахәаԥшра ахдырԥеит.
Иахьа Анри Инаԥшьба идукатцәа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ажьырныҳәамза 13, 2022 шықәсазы Анри Инаԥшьба ихьырхәра аҳасабала мызкы иҭакра алхразы иаднакылаз аӡбамҭа аԥыхразы иаларҵаз ашшабӷьыц ахәаԥшра азԥхьагәаҭан.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ҿыц еиҭашьақәыргылаз Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ажьырныҳәамза 18 рзы раԥхьатәи ахшараиурацхырааратә операциа - (кесарево сечение) мҩаԥган. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит ахәышәтәырҭа аҳақьым Хада Лали Гаргәылиа.
«Ажьырныҳәмза 18 рзы зцәа зтәымыз аԥҳәыс амедицинатә рбагақәа рыла ахшараиурацхырааратә операциа лызун. Диит аҷкәхын. Уи икапан 3 кьылаки 600 грамми рҟынӡа инаӡоит. Ани асабии рҭагылазаашьа хар амам», - ҳәа адырра ҟалҵеит Лали Гаргәылиа.
Аҳақьым Хада лажәақәа рыла, уаанӡа ас еиԥш аоперациақәа рымҩаԥгара азы зцәа зтәымыз аҳәса Аҟәаҟа идәықәырҵон.
Аҟәа. Ажьырныҳәмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Минтимер Шаимиев ииубилеи идиныҳәалеит. Иара 85 шықәса ихыҵит.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Минтимер Шарип-иԥа,
Ҳаҭырла сшышәзыҟоу агәра шәырго, гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи.
Шәара шәнысымҩа Аԥсадгьыл гәык ала амаҵ ауразы иҿырԥшыганы иҟоуп. Шәара иузымыӡбо зҵаара ыҟаӡам ҳәа изыԥхьаӡо ҳәынҭқарратә усзуҩуп. Напхгара ззыжәуа Ареспублика Ҭаҭарстан Урыстәылатәи Афедерациаҟны аҿиара иаҿу арегионқәа раԥхьа игылоуп. Шәара есқьынгьы ишәныԥшуан аполитикаҿы агәагьра, аҟәыӷара, набыцра змам ахьӡ шәыман. Иахьагьы ишәылшаз азырханы шәаанымгылакәа, ажәлар рыхьӡала шәусура иацышәҵоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк 2021шықәсазы иаҭааз атуристцәа рхыԥхьаӡара азы адыррақәа аланарҵәеит.
Зынӡа иҳаҩсыз ашықәс азы иҭиин 716 662 апарк аҭаларазы абилеҭқәа. Урҭ рыхәԥса 241 млн мааҭ иреиҳауп, урҭ рахьынтә 678 714 билеҭ - зықәра наӡоу рзы ауп, 37 948 – ахәыҷқәа рзы ауп.